НОВОСТИ

В.Кәарҷиа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы А. И. Иванов  Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 100 шықәса аҵра амш идиныҳәалеит
12.01.2022
Поделиться в соцсетях:

В.Кәарҷиа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы А. И. Иванов Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 100 шықәса аҵра амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика  Апарламент Ахантәаҩы А. И. Иванов  Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 100 шықәса аҵра амш идиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу Александр Игор-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә – Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 100 шықәса аҵра амш.  
Иахьа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика иааиԥмырҟьаӡакәа аҿиара амҩа иану республикоуп. Аамҭақәа зегьы раан шәара шәреспублика зегьы еицырдыруан иамоу асасдкылареи, аиҩызара зыбжьоу еиуеиԥшым ажәларқәа ҭынч реицынхареи, урҭ ажәларқәа ркультурақәа рыла реиҿцаареи, иара убас аџьа бзиа избо уи ауааԥсыреи рыла.    
Абри аныҳәамш аҽны Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика иқәынхо ажәлари Урыстәыла ажәлари ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, аизыразра, ахирра».