НОВОСТИ

Валери Кәарҷиа УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы В. В. Володин Иира амш идиныҳәалеит
04.02.2022
Поделиться в соцсетях:

Валери Кәарҷиа УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы В. В. Володин Иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы В. В. Володин Иира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:


«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Шәара ауаажәларра-политикатә усураҟны ишәымоу апрофессионалтә ԥышәа ишәылнаршоит УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы иаҳасабала имҩаԥыжәго аҭакԥхықәра ду зцу шәусураҿы акырӡа иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара.  
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент азхиоуп аԥхьаҟагьы ҳпарламентқәа рыбжьара аусеицура.  Агәра аагоит апарламентбжьаратә усеицура аринахысгьы Аԥсны жәлари Урыстәылатәи Афедерациа ажәлари реизҳазыӷьара ахьӡала аҿиара шаиуазы.  
Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа шәнапы злаку аус аҟны».