НОВОСТИ

Валери Кәарҷиа Иира амш идиныҳәалеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ О. Бигәаа
10.02.2022
Поделиться в соцсетях:

Валери Кәарҷиа Иира амш идиныҳәалеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ О. Бигәаа

«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа!

Исымоу алшара схы иархәаны, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!  

Шәара шәзанааҭ реиҳа ҳ-Аԥсадгьыл азы ихадароу азҵаарақәа знырԥшу напынҵоуп. Аԥсуа ҭаацәара иалҵыз, насгьы аԥсуареи ақьиареи ирылааӡоу Шәара шәнапынҵақәа ажәлар иахьынӡарзааигәоу еилкаауа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны урҭ рынагӡара хықәкыс ишәымоуп! Ҳтәыла еиуеиԥшым, хкылагьы ирацәоу аусӡбатәқәа рывагылара, насгьы рынагӡараҿы акзаара хымԥадатәуп. Урҭ реиҿкаашьаҿы, напхгара рыҭараҿы шәлагала рацәоуп, уи азгәаҭамзарцгьы залыршахом.

Ари ауалԥшьа адгылара ацны иҟазароуп. Шәара шәнапхгарала, ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа, зеиӷьыҟам, аӡәкрагьы згым апрофессионалцәа, иарбанзаалак ҳтәыла аҭагылазаашьаҿы ацхыраара адгалара иазхиоу шәреиуоуп.

Ари аныҳәамш аҽны гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәамч, шәнапы злаку шәусқәа рынагӡараан  агәабзиареи, аманшәалареи ақәҿиарақәеи.».