ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
22.02.2022
Поделиться в соцсетях:
Валери Кәарҷиа Денис Мирошниченко Урыстәыла аганахьала Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымра иаиуз азхаҵара идиныҳәалеит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Лугансктәи Жәлар Рреспублика Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Денис Мирошниченко Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымреи асуверенитети разхаҵара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«2022 шықәса жәабранмза 21 арыцхә Лугансктәи Жәлар Рреспублика ажәлар рзы ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымреи асуверенитети разхаҵара, хымҧада, атәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара иацхраауеит.
Ҳара агәра ҳгоит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти Лугансктәи Жәлар Рреспублика Жәлар Рхеилаки рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала аҿиара шроуа”.
Валери Кәарҷиа Денис Мирошниченкои Лугансктәи Жәлар Рреспублика иқәынхо ауааҧсыра зегьи ирзеиҕьеишьеит аҭынчра, аизҳазыҕьара.