Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Донецктәи Жәлар Рреспублика Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Владимира Бидевка Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымреи асуверенитети разхаҵара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла аганахьала Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымреи асуверенитети разхаҵара.
2022 шықәса жәабранмза 21 арыцхә Донецктәи Жәлар Рреспублика ажәлар рзы акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахьыҧшымреи асуверенитети ироуз азхаҵара, хымҧада, атәыла ашәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи рыҟны ицхыраагӡаны иҟалоит.
Агәра ҳгоит ҳреспубликақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Анатоли-иҧа! Шәаргьы аиҩызара ҳзызуа ареспублика ажәларгьы нашәыдкыланы гәык-ҧсык ала ишәзеиҕьасшьоит аҵак ду змоу ари амш. Ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, анасыҧ, аизҳазыҕьара».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
22.02.2022
Поделиться в соцсетях: