НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
08.03.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Акыр иаҳзаԥсоу анацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҭыԥҳацәа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!
Ари ааԥын ныҳәа ссир абзиабара, аԥшӡара, ахаара, аҳаҭырқәҵара ирсимволуп. Жәытә-натә аахыс шәара, ахәышҭаара, хра злоу аҵасқәа реиқәырхара шәнапы иануп, дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭыс бзиақәа шәара ишәымадоуп.
Иара убас аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ахә ашьара уадаҩуп аԥҳәыс лроль, избанзар атәыла ауаажәларратә ԥсҭазаара шәалахәуп, аихьӡарақәа аашәырԥшуеит азанааҭтә усураҟны, абиԥара ҿыцқәа адоуҳатә, алеишәатә ҟазшьа бзиақәа рылааӡара шәацхраауеит.
Аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан ҳара лабҿаба иаабеит ҳахәшьцәа рабацәеи рашьцәеи ирыдгыланы Аԥсадгьыл ахьчаразы ишгылаз.
Иахьа ачымазара ҿкы аҿагылараҟынгьы шәара аԥхьа шәгылоуп.
Иҭабуп ҳәа шәаҳхәоит ишәылоу абзиабара ду, ачҳаразы, иҳашәҭо адгыларазы, шәҟәыӷаразы.  
Гәыла-ԥсыла ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, шәыгәҭакқәа рынаӡара!».