Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахадеи уи аусзуҩцәеи ААП аԥҵоижьҭеи 20 ш.ахыҵра амш рыдиныҳәалеит. 
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Тамила Валери-иҧҳа! Ҳаҭыр зқәу Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит ААП аԥҵара 20 шықәса ахыҵра.
20 шықәса рыҩныҵҟала Аҧсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата  ҳтәыла аекономика аҿиара, аустә усеиҿкаара арӷәӷәара, абизнес адгылара аинфраструктура аԥҵара иацхраауан. Аҧсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аиҿкаараҟны илагаламҭа дуӡӡоуп ААП актәи ахада Гагәлиа Геннадием Леонид-иԥа 
 
Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата иахьа иамоу аихьӡарақәа апрофессионалцәа, зыҩаӡара ҳараку аспециалистцәа еидызкыло аколлектив иабзоуроуп. 
Сара агәра згоит аԥхьаҟагьы ҳтәыла анаплакра аҿиараҟны аихьӡара бзиақәа раарԥшра шшәылԥшо.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала иаусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны ақәҿиарақәа». 
 
 
 
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      18.03.2022
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: