Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 12 аҟн. иҟанаҵаз ааԥхьара инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҭак ҟанаҵоит абас:
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент VII ааԥхьара аусура аарԥшра знапы ианыз асиа ажурналистцәа рсиаҟны АИХ ахаҭарнакцәақәак рыҟамзаара азеилибамкаара иахҟьаны иҟалаз акоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Иҟалаз ихәыцны, иӡбаны имҩаԥгоу акы акәӡам – рыцҳарас иҟалаз, ажурналистцәа рсиа аҵыхәтәан ашьақәырӷәӷәараан аизҵаара залмыршахаӡеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аргамареи аартреи апринципқәа ирықәныҟәоит есқьынгьы, аԥхьаҟагьы инарҭбааны атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа аусура аарԥшра азԥхьагәанаҭоит. Ҳара гәыҩбара ҳамаӡам ажурналисттә уаажәларреи адепутатцәеи русеицура конструктивла, лыҵшәа аманы ишымҩаԥысло аринахысгьы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

15.04.2022
Поделиться в соцсетях: