Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны русура хацдыркит.
Иахьа, мшаԥымза 18 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ихантәаҩрала имҩаԥысит адепутатцәа есымчыбжьатәи реилацәажәара.
Аилацәажәараан адепутатцәа аԥхьаҟатәи аусура иазааҭгылеит, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилакқәа рхыԥхьаӡареи хаҭалатәи аилазаареи рышьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәагьы убрахь иналаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 42 инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа рхыԥхьаӡараҟнытә ишьақәнаргылоит есқьынгьы аус зуа Апарламент аилакқәеи акомиссиақәеи.
Аилакқәа рхыԥхьаӡаратә еилазаара ҳәаақәызҵо Апарламент ауп.
Апарламент аилакқәеи акомиссиақәеи рхантәаҩцәа ркандидатурақәа ықәдыргылоит адепутатцәа, иагьалххоит адепутатцәа иреиҳахаз рбыжьқәа рыла маӡала абыжьыҭарала.
Аилакқәеи акомиссиақәеи рылахәцәа шьақәырӷәӷәахоит Апарламент ала иаартны абжьыҭарала адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә иреиҳахаз абыжьқәа рыла.
Дарбанзаалак Апарламент адепутат, Аиҳабы даламҵакәа, Апарламент аилакқәеи акомиссиақәеи руакы далахәзароуп.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

Поделиться в соцсетях: