Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Урыстәылатәи жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи ракадемиа (ЖӘР-иАМУА) апарламентаризми апарламентбжьаратә усеицуреи ркафедра аиҳабы, апрофессор Валери Бакушев иҟаиҵаз ааҧхьарала Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аршбеи адепутат Левон Галустиани Урыстәылатәи Апарламентаризм 10-шықәса ахыҵра амш иазкыз «Ҳазҭагылоу аамҭазтәи апарламентқәа: аусура ахырхарҭақәа, аҿиараҟны рольс инагӡахо» захьӡу, авидеоконференцеимадара асеанс арежим ала имҩаҧысыз аконференциа иалахәын.
Аусмҩаҧгатә иара убас иалахәын АМАР адиректор Руслан Корчагин, АМАР АИА адекан Олег Заицев, АМАР АИА аҟәша апарламентаризми апарламентбжьаратә усеицуреи ркафедра аиҳабы Валери Бакушев, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Белик, Чуваштәи Ареспубликат Аҳәынҭсовет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Виктор Горбунов убас егь.
Аконференциаҟны ирылацәажәон абарҭ азҵаарақәа: «Ҳазҭагылоу аамҭазтәи апарламентқәеи адунеитә шьақәгылашьаҟны иҟоу арҿыцрақәеи: апарламенттә шәага-загақәа рроль ашьҭыҵра зызҳәои?», “Апарламентаризм аиҕьтәраҟны амилаҭтә иурисдикциа уззаднаҧхьало: «Иоллективтәу Мраҭашәара – Урыстәыла» аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу апроблемақәа, «Афедералтәи арегионалтәи закәанҧҵараҟны иҿыцу аконституциатә еиҭакрақәа радаптациа: арегионалтә закәанҧҵаратә мчхара аҳаҭыр ашьҭыхра», «Арегионқәа рыҿиараҟны аҿартә парламентаризм алшарақәа (аволонтиоррра, амилаҭтә проектқәа рынагӡара, апарламентбжьаратә усеицура)». Иара убас имҩаҧган иҿыцу арҵагатә цхыраагӡа «Ҳазҭагылоу аамҭазтәи апарламентқәа: аилаҵәаразы алшара» апрезентациа.
Аконференциа мҩаҧнагеит Аҳәынҭқарратә маҵзуреи анапхгареи ринститут Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалата, Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа жәпакы, ауааҧсыра ргәабзиара аиқәырхараҟны адгылареи арҿиареи рфонд “Аҧсадгьыл амч”ахаҭарнакцәа ралархәрала.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
22.04.2022
Поделиться в соцсетях: