НОВОСТИ

Лаша Ашәба Виачеслав Володин Урыстәылатәи апарламентаризм амш идиныҳәалеит
27.04.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Виачеслав Володин Урыстәылатәи апарламентаризм амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин  Урыстәылатәи апарламентаризм амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит  Урыстәылатәи апарламентаризм амш!
Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Дума аҭоурых зегьы аҩныҵҟа иреиӷьу апарламентаризм атрадициақәеи аидеиақәеи хархәара рнаҭон, иарҿион. Иахьа ахә ашьара уадаҩуп акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рынагӡараҟны уи инанагӡо ароль.  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент хшыҩзышьҭра ду анаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума имҩаԥнаго хырхарҭа рацәала аусеицура.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, сколлегацәа-адепутатцәа рыхьӡала исҳәарц сҭахуп ҳпарламентқәа рыбжьара ишьақәгылаз аимадара аԥхьаҟагьы арҿиара ҳшазхиоу.

Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аколлектив нашәыдкыланы, ишәзеиӷьасшьоит Урыстәыла аизҳазыӷьара инамаданы аихьӡарақәа змоу аусура».