НОВОСТИ

Апарламент Аиҳабы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит
09.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Аиҳабы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

         «Акыр иаҧсоу аветеранцәа!

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш!
Лаҵарамза 9 аламҭалаз ҳара иаҳгәалашәоит анемец-фашисттә мпыҵахалаҩцәа рыҟнытә Аҧсадгьыл ахьчаразы бџьаршьҭыхла игылаз иаҳзааигәоу ауаа, фырхаҵара згым уи аҭоурых ҳалахәны ҳхы ҳбоит, ҳаҭыр дула ҳарзыҟоуп аиааира ҳзаазгаз абиҧарақәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩгьы ари амш рхы ақәырҵеит.  
Урҭ ҳабацәа рҟынтә иаауеит 1992–1993 шықәсқәа рзы ақырҭуа агрессиа аҿагылараан ҳажәлар ирныҧшуаз ахачҳара ду, атәра анымшәара, агәымшәара. Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц игылеит абиҧарақәа хьаҳәа-ҧаҳәарада ҳҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭынчреи реиқәырхара алзыршо.  
Акыр иаҧсоу аветеранцәа! Гәадуроуп иахьа шәаргьы ҳаргьы Аиааира амш – Лаҵарамза 9 азгәаҭаразы алшара ахьҳамоу.  Ҳхырхәоит иахьатәи амш ҳзаазгаз ҳаибашьцәа – ҳветеранцәа аӡәаӡәала шәҿаҧхьа!

Иҟазааит наунагӡа ҳадгьыл аҿы аҭынчра!».