Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Денис Мирошниченкои Донецктәи Жәлартә Республика Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Владимир Бидевкеи ЛЖӘР-еи ДЖӘР-еи рышьақәгылара аашықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Лаша Ашәба иколлегацәа ихы рықәкны, иҳәеит, Донбасс ареспубликақәа рхатәҳәаақәҵаразы имҩаԥыргаз ареферендумқәа рышьҭахь ииасыз ашықәсқәа рыла урҭ ирықәынхо ауаааԥсыра зҭагылоу имариам аԥсҭазаара аԥышәарақәа хьӡы-ԥшала ишырхырго. Апарламент Аиҳабы иазгәеиҭеит ареспубликақәа рыстатус аҽшаԥсахыз – урҭ рсуверенитети рхьыԥшымреи азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи, Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Алада Уаԥстәылеи.
Уи иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донбасс ареспубликақәеи шықәсырацәалатәи аиҩызареи аусеицуреи рыла ишеимадоу.
«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳпарламентқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа, урҭ аԥхьаҟагьы аҿиара роуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», – иҳәеит Лаша Ашәба. Уи Донбасс ареспубликақәа ирықәынхо ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит рҿаԥхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа зегьы рыӡбара, аҭынчра, анасыԥ.
2016 шықәса жәабранмза 1 азы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩрала ихацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Лугансктәи Жәлартә Республикеи, Донецктәи Жәлартә Республикеи рпарламентқәа рыбжьара официалла аусеицура.
ПОПУЛЯРНОЕ
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ

11.05.2022
Поделиться в соцсетях: