Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, Апарламент адепутатцәа Галуст Трапизониан, Левон Галустиан, Ерик Рштуни Арутиун Хачик-иԥа Чакриан ихьӡ зху Гәмысҭатәи абжьаратә школ 110 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.
Апарламент адепутатцәеи аныҳәа азгәаҭаразы иаази ашкол ашҭаҿы игылоу А. Х. Чакриан ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Лаша Ашәба Гәмысҭатәи абжьаратә школ аколлектив аиубилеи рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп: «Жәытә-натә аахыс аерман жәлар аҵареи адыррақәеи ҷыдала ҳаҭыр рықәырҵон.
Аҧсны иҟоу аерман уаажәларра аҭоурыхи аерман школқәа рҭоурыхи еимадоуп, урҭ рахьтә шәышықәса ирҭысызгьы ыҟоуп. Убарҭ иреиуоуп Гәмысҭатәи абжьаратәи ашкол.
Шәара шәышкол аҧсҭазаараҟны иҟоуп акрызҵазкуа, уаҩы ихы-игәҟны инеиуа ахҭысқәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп ақыҭауаа ашкол аус ауразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара ишацхраауаз, аколлектив аусура адгылара шарҭоз.
Ари ашкол ахьӡ хара инеиҩхьеит иара аушьҭымҭацәеи урҭ реихьӡарақәеи рыла, иреиҕьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәеи абиҧарақәа реимадареи рыла. Уи бзианы иааҧшит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи раан. Урҭ рхыҧхьаӡарҟны иҟоуп иара убас Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, рыҧсҭзаара ианалҵ ашьҭахь аҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи занашьоу».
ПОПУЛЯРНОЕ