НОВОСТИ

105 шықәса раԥхьа диит Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба
Поделиться в соцсетях:

105 шықәса раԥхьа диит Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба

Аҧсны  Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Жәлар рпоет, Адыгеиа Ареспубликеи Ҟабарда-Балкариеи жәлар рпоет, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы Баграт Шьынқәба ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ари аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыпуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә  интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.