Лаҵарамза 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Вадислав Арӡынба иирамш аҽны ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи.
Ари аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аҧсны иҟоу Аҷыдалкаатәи азин-мчы змоуи Олег Боциев, Аҧсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳабырауаа, Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ

14.05.2022
Поделиться в соцсетях: