НОВОСТИ

Лаша Ашәба: «Аинтеллектуалтә лшара, аус адырра, аԥшьгара, ахамеигӡара, хшыҩеилаҵарала аусеицура реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ҳ-Республика ААР аусзуҩцәа ирылдыршоит хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рыӡбара».
17.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба: «Аинтеллектуалтә лшара, аус адырра, аԥшьгара, ахамеигӡара, хшыҩеилаҵарала аусеицура реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ҳ-Республика ААР аусзуҩцәа ирылдыршоит хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рыӡбара».


Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент АиҳабыЛаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аминистрра аԥҵоижьҭеи 29 аҵра амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара амш.  

Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рымҩаԥгара иазку аусура – ҳтәыла аҿиараҿы акырӡа зҵазкуа акы акәны иҟоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵарала Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥҵаз инаркны 29 шықәса раахыс иара аколлектив аусура ду мҩаԥнагеит Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аусура аиҿкаара асистема аганахьала.

Аинтеллектуалтә лшара, аус адырра, аԥшьгара, ахамеигӡара, хшыҩеилаҵарала аусеицура реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ҳ-Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ирылдыршоит хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рыӡбара. Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылара анымҩаԥысуаз иуадаҩыз ашықәсқәа раан Аминистрра иаиуз аԥышәа иахьа қәҿиарала амилаҭтә интересқәа рыхьчараҟны рхы иадырхәоит.    
Аҵак ду амоуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа, аԥсуа дипломатиеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи русеицура арӷәӷәараҿы  шәара шәлагаламҭа.    
Сара агәра згоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи реимадара атрадициа аԥхьаҟагьы лыҵшәа змоу аусеицура ишазкхо.
  
Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп жәларбжьаратәи аимадарақәа реихаҳара, рымҽхак арҭбаара, ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы шәнапы иану аусқәа рыҟны занааҭла аизҳареи аихьӡарақәеи".