НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара
17.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара


Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара. Аилатәарахь иааԥхьан Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиеи уи ихаҭыԥуаҩ Едуард Гамсаниеи.

Аилатәара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба, ари Аилак алахәҩы Асҭамыр Герхелиа.

Апарламент адепутатцәа раԥшьгарала имҩаԥысыз аилатәараҟны Рамин Габлаиа инарҭбааны напхгара зиҭо аусбарҭа аусура далацәажәеит, адепутатцәагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара ацхраара иахьазхиоу азы.

Аилатәара иалахәыз алацәажәеит ари аусхк аҟны азакәанхархәаратә ԥышәеи азакәанԥҵара аиӷьтәреи рызҵаарақәа.

Аилатәара мҩаԥигеит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.