НОВОСТИ

Лаша Ашәба Алан Гаглоев Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахадас иалхра идиныҳәалеит
24.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Алан Гаглоев Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахадас иалхра идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алан Гаглоев Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада имаҵурахьы инеира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахадас шәалхра. Аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиареи асоциал-економикатә уснагӡатәқәа рыӡбареи ирызку Шәара шәусура апрограмма  имҩаԥысыз алхрақәа рыҟны Алада Уаԥстәыла атәылауаа рганахьала адгылара аиуит.

Сара агәра згоит аиҩызареи аусеицуреи рытрадициақәа шьаҭас ирымоу ҳреспубликақәа рыжәларқәа реизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа.
Алан Едуард-иԥа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит ахирра, аҳәынҭқарратә маҵзура ду аҟны шәусураҿы аихьӡарақәа».