НОВОСТИ

Иаԥҵахоит аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рпарламентқәа ирзеиԥшу аусуратә гәыԥ
25.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Иаԥҵахоит аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рпарламентқәа ирзеиԥшу аусуратә гәыԥ

Лаҵарамза 25 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба напхгара зиҭоз аделегациа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи аџьынџьуаа аҽрымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак инарҭбаау аилатәара иалахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҟны иҟан: Алхас Барцыц – Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи, ҳџьынџьуаа аҽрымадарази апарламенттә еилакы ахантәаҩы, Ерик Рштуни – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы алахәҩы, Инал Арӡынба – адәныҟатәи аусқәа рминистр, Роберт Киут – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы, Ҭемраз Хышба – атуризм аминистр, Ҭемраз Амқәаб – аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ, Алиас Лабахәуа – АА Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.
Инарҭбаау аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи иақәнагоу урыстәылатәи аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.  
Аилатәара мҩаԥигеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа аҽрымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак
ахантәаҩы Леонид Калашников.
Аиԥылара иалахәыз аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ихадараны урҭ рыҩныҵҟа иҟан – аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аԥҟарақәа рырмариара азҵаара.
Аделегациа анапхгаҩы Асҭамыр Аршба иажәақәа рыла, «ирылацәажәан ААП «Ԥсоу» аҟны аужьратә лшара ацҵара алзыршо ауснагӡатәқәа реизак назлоу, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аԥҟарақәа рырмариара иазку ган рацәала азҵаарақәа.
Аилацәажәараан аԥснытәи аделегациа ишьҭырхит 2014 ш. абҵарамза 24 аҟн. Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра иахылҵуа иактуалтәу азҵаарақәа, иара убас аҳәаа ахысра арежим зыруадаҩуа атехникатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа.
Аԥсуа ган аколлегацәа ирыднагалеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи ирзеиԥшу аусуратә гәыԥ аԥҵара. Ари агәыԥ иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡара хылаԥшра анаҭалоит, иара убас аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны иақәҿнаҭлоит».