Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха Ахантәаҩы Басариан Аԥлиаа Иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: 
 «Шәхаҵкы, аб Басариан!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 75 шықәса шәхыҵра амш. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра, аиашахаҵаратә уахәамеи ҳуаажәларра зегьы рзи аҵак дуӡӡа змоу аус аҟны ачҳара, агәамч, алшара. 
Иҿырҧшыганы иҟоуп, ахә ашьарагьы мариам ҧсыцқьала ҳажәлар рымаҵ ауреи рдоуҳатә-леишәатә зҩыдатәра иазышәкыз Шәара шәыҧсҭазааратә мҩа.   
    
Ҳаҭыр зқәу аб Басариан, 
аџьшьара ду шәаҳҭоит Шәара хаҭала Аҧсуа уахәамеи ҳҳәынҭқарреи реимадара арҿиара аус аҟны шәлагаламҭазы. Ахә ҳаракны иаҳшьоит ауахәамеи ҳажәлари ргәы иҵхо азҵаарақәа ирзыкны аиҿцәажәарақәа раан Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ирышәҭо агәрагаразы». 
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      27.05.2022
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: