НОВОСТИ

Лаша Ашәба Аҳәаахьчаҩ имш азы Андреи Кудимов иахь адныҳәалара ишьҭит
28.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Аҳәаахьчаҩ имш азы Андреи Кудимов иахь адныҳәалара ишьҭит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба  Аҳәаахьчаҩ имш азы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Андреи Кудимов ихьӡала адныҳәалара ишьҭит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

  «Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иҧа!  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аилазаара иадысныҳәалоит Аҳәаахьчаҩ имш.

Иахьа урыстәылатәи аибашьцәа-аҳәаахьчаҩцәа рҿаҧхьа аамҭеи лассы зҽеиҭазкуа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи иқәдыргыло ашәарҭарақәа ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа ӡбатәны иқәгылоуп. Урҭ шәара есқьынгьы рыӡбара шәылшоит ашәарҭара дуқәа рҿагыларала, аус аҟны азанааҭтә зыҟаҵара аарҧшуа.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара раҧхьа иҟаз рҧышәеи рытрадициақәеи рықәныҟәарала, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәараҭадара амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриади дареи еидгыланы, аҧсҭазааразы ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа раангьы рыдҵақәа анынарыгӡо ыҟоуп.
Ҳара ҳауаажәлар ирхашҭраны иҟаӡам Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа ахьчара зхы ақәызҵаз урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа атәылахьчареи ашәарҭадареи рганахьала аҧсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиараҟны шәлагаламҭа ду азы, азҵаарақәа жәпакы рыҟны аимадара иҳабжьоу арҕәҕәара шәахьадгыло азы.
Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иҧа!  Шәара аҧхьа шәнаргыланы,  Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы ишәзеиҕьасшьоит имҩаҧыжәго амаҵзураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра».