НОВОСТИ

Ҟабарда-Балкариа Ареспубликаҟны 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаршьеит
31.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Ҟабарда-Балкариа Ареспубликаҟны 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаршьеит

Ҟабарда-Балкариатәи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара «1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Ҭемыр Шорданов иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ф. Аҩӡба хадара ззиуаз аделегациа 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа гәыԥҩык Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҟны иҟан атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршбеи Аҩада Кавказ хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа рымадара азҵаарақәа рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьали.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа иалахәын Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Апарламент адепутатцәа, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны иҟоу Афедералтә усбарҭақәа рырхәҭақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә еидгыларақәа рнапхгаҩцәа.