НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара
31.05.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара

Имҩаԥысит Резо Занҭариа хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.  

Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны, иахәаԥшын «Абылратә шәарҭадара аҭахрақәа ирызку атехникатә ԥҟарақәа» рзы азакәан апроект. Алацәажәара анаҩс, Аилак аӡбамҭа аднакылеит атәылауааи амазареи ршәарҭадара анормативтә ҩаӡара алыршаразы иаҭаху атехникатә ԥҟарақәа реизга анагӡаразы, аԥҟарақәа реизга шьақәыргыланы иҟоу абиуџьет хархәагақәа рыла зынагӡара алшо аҳәынҭқарра афинанстә лшарақәас иамоу аилкааразы ари азакәанапроект анагӡаратә мчхара ашҟа ашьҭразы.

Аилак Апарламент иаднагалеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны «Афымцамч азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа алагаларазы» азакәанапроект аанкылара.  
        
Адепутатцәа ахәаԥшит ашәахтә еидара аԥсахрақәеи аԥсшьаҩцәа аамҭала рнырхара иазку амаҵзурақәа рынагӡара знапы алаку анаплакҩцәа рзы ашәахтә зыԥҵәақәа реиҵатәреи азԥхьагәазҭо «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак ашәахтәқәҵара иҷыдоу асистемақәа рыхәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект.

        Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, Аилак еицҿакны ари азакәанапроект актәи аԥхьараан адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагаразы аӡбамҭа аднакылеит.
Иара убас Аилак алахәцәа нап аларкит «Иаартны аидкылаахәаразы» азакәан апроект аҭҵаара.