НОВОСТИ

Лаша Ашәба Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
01.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламен Аиҳабы Лаша Ашәба ҳтәылауаа Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

“Акыр иаҧсоу аҩызцәа, акыр иаҧсоу ҳхәыҷқәа!
Ҳара есқьынгьы аҧхарра, агәблыра зцу аҧхынра актәи амш ааира ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшуп.  Ҳаҧсҭазаара аҵакы азҭо, насыҧла изырҭәуа  ахәыҷқәа ирызку аныҳәа - Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш лаша аҧсҭазаара шьақәзырҕәҕәо ныҳәоуп. Ари амш даҽазныкгьы ҳазнархәыцуеит урҭ рҿаҧхьа иҳаду аҭакҧхықәра, агәыҕра раҳҭоит ирзыҧшу аҧсҭазаара гәырҕьахә азы, рҧеиҧш лашазы.
Ҳара зегьы ҳаидгыланы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳтәылаҿы неилымхрада ахәыҷқәа зегьы насыҧ рымазарц, урҭ рҭаацәа реиҧш, аҳәынҭқаррагьы алаҧш рхызарц, ирыхӡыӡаауа иахьчаларц.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш. Абри амш аҽны ҳтәылауаа хәыҷкәа гәык-ҧсык ала ирзеиҕьасшьоит аиҩызара бзиа, агәыхәтәыхьӡара, рҭаацәа, рааӡара зыҧсҭазаара азызкыз зегьы агәабзиара, ақәҿиарақәа, анасыҧ”.