НОВОСТИ

   «Иаартны аидкылаахәаразы» азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәарахь инагахоит актәи аҧхьараан адкыларазы
01.06.2022
Поделиться в соцсетях:

«Иаартны аидкылаахәаразы» азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәарахь инагахоит актәи аҧхьараан адкыларазы

Апарламент аҟны имҩаԥысит Резо Занҭариа инапхгарала Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.

Аилак аҟны иахәаҧшит «Иаартны аидкылаахәаразы» азакәан апроект, аӡбамҭагьы рыдыркылеит актәи аҧхьараан адкыларазы Апарламент асессиа аилатәарахь анагаразы.

Аилак аусураҟны иара убас иалацәажәан «Афымцамч азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект. Адепутатцәа уи Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак анаҩстәи аилатәараҟны иацырҵарц рыӡбеит.