НОВОСТИ

Лаша Ашәба Михаил Шургалин идиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчымзоуи ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟны иаҭара
01.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Михаил Шургалин идиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчымзоуи ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟны иаҭара

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламен Аиҳабы Лаша Ашәба Михаил Шургалин Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчымзоуи ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟны иаҭара идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

“Агәра згоит Шәара шәыпрофессионализми ишәымоу шықәсырацәалатәи адипломатиатә маҵзура аҧышәеи ҳҳәынҭқаррақәа раҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа қәҿиарала рыӡбара ишацхрауа.
Лаша Ашәба Михаил Шургалин изеиҕьеишьеит аусураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра”.