НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа 25 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа иалахәын
03.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа 25 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа иалахәын

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аколлектив аиубилеи рыдиныҳәалеит.
  
Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Ахантәаҩы лыхьӡала иҟаҵаз адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Фатима Алеқсеи-иԥҳа!

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәколлегацәагьы Шәаргьы, ҳтәылаҟны абжьаҟазаратә ӡбарҭа аԥҵара иалахәыз зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбара аԥҵоижьҭеи 25 шықәса аҵра арыцхә.

Аӡбаҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи, иааидкыланы аппарати ирымоу аквалификациеи аԥышәеи ирыбзоураны ҳ-Рреспублика Абжьаҟазаратә ӡбара аҳаҭыр ҳаракуп, иалшоит иуадаҩу аекономикатә усқәа реилыргара.  
Шәара шәлагаламҭа дууп Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаратә система аҿиараҟны, аиҿкаарақәеи атәылауааи рконституциатә зинқәеи закәанла ирымоу аҭахрақәеи ралыршараҟны.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аколлектив ирзеиӷьасшьоит еицакра змам агәамч, аԥхьаҟагьы лыҵшәа змоу аусра».