НОВОСТИ

 Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Амш азгәарҭеит
10.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Амш азгәарҭеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз аофициалтә дкылара иаҭааит.

Урыстәыла Амш азгәаҭара аламҭалазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адныҳәалара ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәии Азинмчзмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ихьӡала.
    
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала шәаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аколлективгьы ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш!
Иахьатәи Урыстәыла ареформақәеи аиҭакрақәеи ирызкыз имариам аамҭа иҭагылан, Урыстәыла атәылауаа русура иабзоурахааит уи аизҳазыӷьара!

Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизареи ҳареи ҳаимадарақәа рырҿиараҟны иҟанаҵаз алагаламҭазы, ишәеиӷьасшьоит аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны».