НОВОСТИ

  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгаҩцәа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит
12.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгаҩцәа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит

  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгаҩцәа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭыз адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
  «Урыстәылатәи Афедерациа – аиашареи аҭынчреи иашьҭоу ажәлар ракреи рымчи ирықәгәыҕуа, аиааирақәеи аихьӡарақәеи рыла ишьақәгылоу аҭоурых ду змоу ҳәынҭқарроуп.
Ҳара агәра ҳгоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки аҧхьаҟатәи русеицура арҕәҕәара иабзоураны ҳҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара шалыршхо”.
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы
Виачеслав Володин ихы наиқәкны, Лаша Ашәба иаҵшьны иҳәеит: «Аҧсны Аҳәынҭқарра ажәлари Урыстәылатәи Афедерациа ажәлари ҭоурыхла аимадарақәа жәпакы рыбжьоуп. Ҳара ҳҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа иахьа иҿыцу аҿиара аамҭа иҭагылоуп.
Агәра ганы ҳаҟоуп ҳалшарақәа еицҵаны ҳтәылақәа реизҳазыҕьара ахьӡала иҳамоу аихьӡарақәа реиқәырхареи реихаҳареи шҳалшо».

  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Афедерациа Ахеилак алахәцәеи, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи, Урыстәыл ажәлар зегьи ирзеиҕьеишьеит анасыҧ, аихьӡарақәа.