НОВОСТИ

Адепутатцәа Д. И. Гәлиа иҩны-амузеи аҭагылазаашьа гәарҭеит
15.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Адепутатцәа Д. И. Гәлиа иҩны-амузеи аҭагылазаашьа гәарҭеит

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи адиректор Светлана Қорсаиа иҟалҵаз ааԥхьара инадҳәаланы, Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак ахантәаҩы Венори Бебиа, уи ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Салаҟаиа, ари Аилак алахәҩы Демур Гогьиа амузеи иаҭааит, ирбеит ахыбра, иара убас аҩныҵҟатәи ауадақәа ртехникатә ҭагылазаашьа. Адепутатцәа ирыцны иҟан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥхазоу.

Адепутатцәа рзы амузеи аҩныҵҟа аекскурсиа мҩаԥган. Имҩаԥысит иара убас анапхгареи аколлективи рыҿцәажәара. Аиҿцәажәараан иҟоу апроблемақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Амузеи иаҭааз ирбаз алҵшәақәа рыла уи аусзуҩцәа ахыбра аҭагылазаашьа бааԥс азы изынхьаауаз еилкаарала иазнеит, ирҳәеит иақәнагоу анагӡаратә мчхара аилазаарақәа рыҟны апроблема еиҭарҳәарц ргәы ишҭоу.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аартын 1974 шықәсазы. Ахыбра шәышықәса иҭысхьеит, уажәы шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа аҭахны иҟоуп. Аҭааразы иаарту ашәҟәыҩҩы ихатәы маҭәақәа, афотосахьақәа, ашәҟәқәа, инапҩырақәа еиқәырханы иахьыҟоу иусуратә уада ауп.