НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ацҳамҭа даԥхьеит
16.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ацҳамҭа даԥхьеит

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз  асессиа инарҭбаау аилатәара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьеи, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика ахырхарҭа хадақәеи урҭ рынагӡашьеи ртәы зҳәоз Апарламент иазынархаз есышықәсатәи Ацҳамҭа даԥхьеит.
Аилатәарахь ааԥхьара рыман аҳәынҭқарра анапхгараҭаратә усбарҭақәа рхадацәа, аӡбаратә мчхареи апрокуратуреи, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭҵаарадырреи аҵареи русҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, АИХ русзуҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 47 апункт 3, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аԥҟара ахәҭаҷ 139 инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз есышықәсатәи Ацҳамҭа иазыӡырҩны, адепутатцәа ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз Ацҳамҭазы» Ақәҵара.
Ақәҵараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент иақәнаҵоит:

1. Хшыҩзышьҭра рыҭазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь. Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ашҟа иҟаиҵаз Ацҳамҭаҟны иарбоу аԥҟарақәеи аихшьалақәеи.  
2. Абри Ақәҵара амч аиуеит ианрыдкылаха аҽны инранкы».