НОВОСТИ

Лаша Ашәба Амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
16.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Рашәарамза ахҧатәи амчыбжь анҵәамҭазы, амҽыша Аҧсны Амедицинатә усзуҩы имш азгәарҭоит
Амедицинатә усзуҩы имш азгәаҭара аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аусуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изынархаз адныҳәалараҟны иҳәоуп:  

“Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ҳара иаҳдыруеит шәара шәнапы ишану аԥсҭазаараҿы зегьы иреиҳау, зегь раасҭа ихадароу – агәабзиара. Иахьа ишәыдаҳкыло азеиӷьашьарақәа - агәабзиарахьчара аусзуҩцәа зегьы иԥшьоу рџьазы иҭабуп ҳәа раҳәаразы ираҳҳәарц иаҳҭаху ахәҭак ауп.  

Шәнапы злаку аус агьыхьанҭоуп, иагьыуадаҩуп, есҽны аԥсҭазаара аиқәырхара шәаназықәԥо, шәара шәзықәныҟәо ауаҩы иахь ишәымоу абзиабара, иҿаԥхьа ишәыду аҭакԥхықәра ауп.  

Ҳтәыла аҭоурых аҟны аамҭа хьанҭақәа раан афырхаҵара аарԥшуа, шәзанааҭ ишәыднаҵоз нашәыгӡон. Ус акәын короновирустә чымазара ҿкы ҳажәлар ианрылаҵәаз. Ҳара мҩашьарада иаҳбеит амедицинатә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы апрофессионализм ду аарԥшны, хамеигӡарак ҟамҵакәа, иҟаз ашәарҭара ишаҿагылаз.  

Аԥхьаҟа шәаргьы аҳәынҭқарра алшарақәагьы реибыҭарала иҟаҵатәу рацәоуп ҳтәыла агәабзиарахьчара аҿиаразы.  

Ҳаҭыр зқәу амедицинатә усзуҩцәа, абри аныҳәамш аҽны гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аихьӡарақәа, ахирра ҭаацәацыԥхьаӡа. Насыԥла, гәалаҟазаара ссирла шәаԥылааит есҽны!”