Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Едуард Мқанба ииубилеи идиныҳәалеит
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Едуард Кәыкәа-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 75 шықәса шәхыҵра иазку аиубилеитә рыцхә!
Шәара Аҧсны шәырдыруеит збаҩхатәра џьашьахәала аҧсуа жәлар ркультура атрадициақәа еихазҳауа, ирылазырҵәо артист ду иаҳасабала. Акәашара шәыҧсҭазаара иахәҭакны иҟалеит, ҳтәылаҟнеиҧш уи анҭыҵгьы ари аҟазара ахә ҳаракны изшьо ахәаҧшыҩцәа раҳаҭыри разхаҵареи шәаҧсахеит.
Шәара ишәылоу аҟыбаҩ аарҧшразы алшара шәыман Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рашәеи рыкәашареи рансамбль аҟны, уи шәагәадурангьы шәҟалеит.
Шәыҧсадгьыл ахә ҳаракны иашьеит шәҟазара, шықәсырацәалатәи шәџьабаа, аҧсуа кәашара аҿиареи аларҵәареи рыҟны шәылшамҭа дуқәа – Шәара ишәыхҵоуп «Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист», «Аҧсны жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа, ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара.
Шәымшира аҽны ишәзеиҕьасшьоит шәыҧсҭазаараҟны ахҭыс бзиақәа, ишәзааигәоу ауаа ражәа ҧхақәа! Шәыҧсҭазаара иагымзааит абзиабара, анасыҧ!».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

20.06.2022
Поделиться в соцсетях: