НОВОСТИ

  1994 шықәса рашәарамза 21 азы  Аҧсны Аҳәынҭқарра абжьаҟазаратә мчқәа алагалан
21.06.2022
Поделиться в соцсетях:

1994 шықәса рашәарамза 21 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра абжьаҟазаратә мчқәа алагалан

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи абжьаҟазаратә операциа амҩаҧгараан иҭахаз урыстәылатәи аррамаҵзурауаа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Урыстәылатәи абжьаҟазацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа напхгара ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рхаҭарнакцәа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны Аҳәынҭқарра напхгараҭаратә усбарҭақәеи ауаажәларри рхаҭарнакцәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны абжьаҟазаратә операциа мҩаҧысуан 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа ИАР аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аӡбамҭала Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа шьаҭас иаҭаны ишьақәыргылаз Аҭынчра адгылара аҭаразы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчқәа рыла.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымреи асуверенитети аназханаҵа анаҩс Аҭынчра адгылара аҭаразы Аколлективтә мчқәа рмандат аусура аанкылан.

1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа Аҧсны аҭынчра ахьчаразы игылан жәанызқьҩыла урыстәылатәи абжьаҟазацәа. Қырҭтәыла аганахьала иҟаҵаз апровокациа иахҟьаны иҭахеит 120 инарзынаҧшуа урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа, урҭ рахьтә ҩыџьа рыҧсҭазаара алҵра ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.