НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Анефтаалыҵқәа рыхәҧса ашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәоит
21.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Анефтаалыҵқәа рыхәҧса ашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәоит

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысуеит ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу анефтаалыҵқәа рыхәҧса ашьақәыргылара азҵаара иазку заанаҵтәи азыӡырҩрақәа рҳәаа иҭагӡаны Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилак ахантәаҩы  Резо Занҭариа имҩаҧиго аилатәара далахәуп Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыҧуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, адепутатцәа реиҳараҩык.
Абылтәы ахәҧса аҳәаақәҵара азҵаара аӡбаразы иҟоу алшарақәа рылацәажәара шырҭаху азы адепутатцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Апарламент ааҧхьара ҿыц аусура ианалага инаркны.  

Ари аусхк аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аилкааразы урҭ уажәаҧхьа изықәнагоу аилазаарақәа рышҟа ҩрала азҵаатәхәқәа дәықәырҵахьан.

Иахьа аилак аилатәарахь иааҧхьоуп аҳәынҭқарратә еилахәыра“Аҧсныабылтәы”  Адиректор хада Рамаз Џьопуеи уи ихаҭыҧуаҩ Витали Корсантиеи. Урҭ адепутатцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭакқәа ҟарҵеит, иааизакны абылтәы џьармыкьаҟны аҭагылазаашьа зеиҧшроу, ахәҧсақәа рышьҭыхра зыхҟьаз, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абылтәы ахәҧсақәа рышьақәыргыларна шымҩаҧысуа, иахьа иҟоу аҭагылазаашьа бааҧс ҧсахшьаз иамоу уҳәа реиҧш, аегьырҭ азҵаарақәа.

  Аилацәажәараан аилатәара иалахәыз ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит ахәҧсашьақәыргылара азҵаара аконтроль азуреи аус зуа азакәанҧҵара аҧсахрақәа ралагаларазы иҟоу алшарақәеи.

Анефтаалыҵқәа рыхәҧсақәа рҳәаақәҵара  азҵааразы иаарласны азыӡба адкыларазы ргәаанагара ҳәаны, аҳәынҭқарратә еилахәыра “Аҧсныабылтәы” ахаҭарнакцәа ирзыӡырҩны, адепутатцәа азааит хымҧада Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр лааҧхьара аҭахны ишыҟоу.