Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи урыстәылатәи аполитикатә усзуҩ, "Ахьӡ-Аҧша" II-III аҩаӡара занашьоу, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат Сергеи Бабурини реиԥылара.
Аиԥылара иара убас иалахәын Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба.
Лаша Ашәба Сергеи Бабуринидиныҳәалеит агуманитартә, асоциалтә, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа аҟәша ала Аҧсны Аҭҵараадыррақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас иалхра.
Гәыблыла аиҿцәажәараан Лаша Ашәба иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны Сергеи Бабурин илагаламҭеи уи ҩ-ганктәи апарламенттә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны ироль.
ПОПУЛЯРНОЕ