НОВОСТИ

Иахьа абылтәы џьырмыкьаҟны ахәԥсашьақәыргылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иазкыз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара иацҵан
23.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Иахьа абылтәы џьырмыкьаҟны ахәԥсашьақәыргылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иазкыз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара иацҵан

Иахьа абылтәы џьырмыкьаҟны ахәԥсашьақәыргылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иазкыз Резо Занҭариа хантәаҩра ззиуаз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара иацҵан.

Аилатәара аихшьалақәа рыла Аилак аӡбамҭа аднакылеит:

«1. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент иабжьгазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ашҟа иақәнагоу, економикала иҵаҵӷәырку ахәԥсақәа рыла анефтаалыҵқәа Аҧсны Аҳәынҭқаррахь раагара аҭышәныртәалара ахәҭаҟны лыҵшәазмоу аҳәынҭқарратә политика амҩаԥгара алыршара иазку хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рынагӡара рыдҵара иазку ааԥхьара адкыларазы.
2. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара иабжьгазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара «Анефтаалыҵ ахкқәак рзы еизакуи азаҵәҭиреи рыхәԥсақәа рхархәареи аҳәаатә хәаахәҭратә цҵақәа рышьақәыргылареи рзы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи рзы» 2022 шықәса хәажәкырамза 1 аҟнытә №18 Ақәҵара аԥыхра, аҳәаақәҵара алҵшәадара инадҳәаланы, Аилак азгәаҭақәа ҳасаб рзуны Ақәҵара ҿыц азырхианы  Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь инагазааит ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала.
3. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥхьараҟны иарбоу абжьгарақәа анынамыгӡа, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ари ақәҿыҭразы ахы азин анаҭоит».