НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа аусура иалахәуп
24.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа аусура иалахәуп

Рашәарамза 23 рзы аусура иалагеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа. АУАА изаамҭанытәиу Аконференциа раԥхьаӡакәны имҩаԥысуеит афедералтә ҵакы змоу ақалақь Севастополь.
  Авидео-конференц-еимадара арежим ала имҩаԥысуа Аконфренциа Апрограмма ҩымш аҵанакуеит.  Абас ала АУАА аконференциа қәҿиарала амҩаԥгара алыршан 2020-еи 2021 –и шықәсқәа рзы.
XXXVI Аконференциа аусура актәи амш аҽны нон-стоп арежим ала имҩаԥысуан  Ассоциациациа иақәнагоу аилакқәа ааба реилатәарақәа.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аветеранцәеи аинвалидқәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аибеи ари Аилак иалахәу Нарсоу Салаҟаиеи Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа  Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы аилак аилатәара иалахәын. АУАА аилак аилатәараҟны иалацәажәеит асоциалтә ҵакы ду змоу адепутатцәа рыҟнытә азакәанԥҵаратә ажәалагалақәа. Урҭ рызкын: ахшарацәазмоу аҭаацәарақәа адгылара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа, аҭаацәарақәыԥшқәа альготатә ипотектә кредит рыҭара амеханизмқәа; ахаҿы динвалидуп ҳәа иазхаҵара аԥҟарақәеи аинвалидцәеи абыргцәеи ирхылаԥшуа ахаҿқәа рзы ашәатәқәа; хазы игоу атәылауаа хәышәла реиқәыршәареи амедицинатә маҵзура рыдгалареи; ахәыҷқәа-аиаҭымцәа рынхаратә зинқәа ралыршара; ашьаҭара амаҵзура арҿыцра иазку аусмҩаԥгатәқәа; 1992 шықәса нанҳәамза 16 инаркны 1998 шықәса мшаԥымза 30-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны ақырҭуа-аԥсуа аибашьратә еимакы ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҿы абжьаҟазаратә операциа анагӡара иалахәыз ахаҿқәа рганахьала асоциалтә қәнага аиҭашьақәыргылара.
Рашида Аиба АУАА Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи аилак алахәцәа аԥсшәа раҳәо, лықәгылараҟны, ҷыдала, илҳәеит: «Урыстәыла иуадаҩаҩу аамҭа ианҭагылоу, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, шәара шәеиԥш, атәыла зегьы иазеиӷьасшьоит  анеофашизм аиааиреи Донбасс имҩаԥысуа аибашьратә операциа лассы ахыркәшареи. Сгәы иаанагоит, шәара имҩаԥыжәго азакәанԥҵаратә усура милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар рзы хәарҭара аманы иҟалоит ҳәа».
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилакқәа ҩба рымшахәаԥштәқәа ҩба рызҵаарақәа рылацәажәара далахәын, ҷыдала, АУАА аргылареи, анхамҩа-коммуналтә нхамҩеи, афымцамчи, атранспорти, аимадареи рзы аилаки  аекономикатә политикеи, ааглыхреи, адәныҟаекономикатә еимадарақәеи рзы АУАА аилаки рыҟны. Ирыхәаԥшын аԥшамч ахархәаразы урыстәылатәи амыруга аагара; имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра;  ааглыхратә наплакқәа ахархәара раларгара армариара; иадҳәалоу азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа; аахәамҭақәа русхк аҟны анормақәа реиӷьтәра; анхамҩатә закәанԥҵара;  ахшара змоу аҭаацәарақәа аҩныҩныҵҟа газла аиқәыршәараан асоциалтә дгылара рыҭара; ауадарацәа змоу аҩнқәа рыҟны аҩнатә ԥстәқәа рынкыларазы аԥҟарақәа разырхиареи рыдкылареи; арахә аихамҩақәа ирхыганы акацареи аихамҩақәа рзааигәара рырҳәреи рзы аԥҟарақәа; ҳазҭагылоу аамҭазы ақалақь аҟны комфортла анхаразы апрограммақәа раԥҵара адгылара аҭара уҳәа ирызку егь. азҵаарақәагьы.
Азакәанԥҵареи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ахаланапхгареи рзы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилак аилатәараҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент хаҭарнакра азиуан Дауҭ Хутаба – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы.
Ишьақәырӷәӷәоу Аилак аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны, ирыхәаԥшын азҵаарақәа ԥшьба. Ҷыдала, азинхархәаратә ԥышәа ҳасаб азуны, АУАА аилак алахәцәа Урыстәылатәи аобласт апарламентари антикоррупциатә закәанԥҵара аиӷьтәра хымԥада ишаҭаху азы аԥшьгара адгылара арҭеит.
Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи аекологиеи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа аграртә зҵаарақәеи адгьылхархәареи рзы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилак аилатәара далахәын.
Апарламентари аилак аилатәара амш азҵаарахь иалаз аԥшьгарақәа зегьы адгылара арҭеит.
Урҭ рыҩныҵҟа иҟан адгьыл ахархәараҟны азинтә режим аҳәаақәҵаразы аԥҟара аиӷьтәра; аӡцарҭақәа хыхь иҟоу аӡы аобиектқәа рышҟа рымҩахгара алшарақәа; аттракционқәа ртехникатә ҭагылазаашьеи рхархәареи русхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара уҳәа ирызку азҵаарақәа. Иара убас хыԥхьаӡара рацәала атәылауаа аԥстәқәа рхымҩаԥгашьа инамаданы адҵааларақәа ҳасаб рзуны аилак  иаднакылеит аԥстәқәа рызныҟәара апринцип хадақәа ауаҩытәҩса ишәарҭадара аԥхьа иргылара апринцип ала ахарҭәаара ахьарбоу Астрахантәи аобласт Адума иазнархиаз азакәан апроект адгылара анаҭеит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа абиуџьети, ашәахтәқәеи, ахатәтәреи рзы аилак зхәаԥшраны иҟаз азҵаарақәа рыхәаԥшразы аилатәара ашҟа ддәықәҵан
   Аилак аилатәара амш азҵаара иалаҵан иагьрыхәаԥшын азҵаарақәа 15. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан  имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра иадҳәалоу азҵаарақәа;  административиатә хараԥсақәа реихшара анаплакы асубиект иаҳсабала аиуристтә хаҿы категориас дызҵазкуеи административтә хараԥсақәа рышәагааи инарыдҳәаланы; аӡбарала дхәыҷаахыс диинвалидуп ҳәа иазхаҵоу иопекун ауаҩытәҩсатә хаҿы изы ашәахтә азы альгота иҭара; иара убас ашәахтә закәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара иазку егьырҭ азҵаарақәагьы.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини АИХ-еи рус азы аилак ахантәаҩы Инар Саӡбеи уи ихаҭыԥуаҩ Левон Галустиани Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҵареи, аҭҵаарадырреи, акаультуреи, аинформациатә политикеи рзы аилак аилатәара иалахәын. Аилак алахәцәа адгылара арҭеит ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы асоциалтә шәахтә ашәагаа 120 000 мааҭ рҟынӡа ахыхра иазку аԥшьгара; атәылауаа алагарҭатә зеиԥштә, ихадоу азеиԥштә ҵара аҭаацәаратә ҵараиура аформала аиуразы рзинқәа рынагӡаразы анорматив-зинтә ҳәаақәҵара аиӷьтәразы аҭахра; аҵараиуратә еиҿкаарақәа рыҟны ахәқәа амедицинатә харахәара рыҭаразы иаку атиптә еиқәыԥхьаӡа ашьақәырӷәӷәара - ашколнӡатәи аусбарҭақәа инадыркны иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟынӡа; аинформациа-телекоммуникациатә каҭа «Интернет» аҟны ауаажәларратә ҵакы змоу иҵабыргым аинформациа ҵабыргушәа аларҵәара аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа ралкаара ахәҭаҟны азакәанԥҵара аиӷьтәра.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿари, аспорти русқәа рзы аилак ахантәаҩы Венори Бебиеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратә еимадарақәеи, ҳџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Барцыци Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи, апарламентбжьаратә еимадарақәеи, абаҩрҵәыратә культуреи, аспорти, атуризми, аҿар русқәеи рзы аилак аилатәара иалахәын. Аилатәараҟны ирылацәажәеит акурорттә инфраструктура аҿиареи акурорттә еизгара алхреи рзы аԥышәара аҿҳәара ацҵареи; абаҩрҵәыратә культуреи, аспорти, атуризми, русбарҭақәа рахь аинвестициатә шәахтә ахыхра аҳасабала алагаламҭақәа ашәҟәы рҭагаларазы алшара; аспециалистцәа ҿарацәа рганахьала иҟоу аҭахрақәа рыҭҵаара уҳәа егьырҭ азҵаарақәа.
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилакқәа реилатәарақәа рыҟны изхәаԥшыз азҵаарақәа зегьы еицҿакны ирыдыркылеит, урҭ рганахьала аӡыӡбақәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак ашҟа идәықәҵан Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа  XXXVI Аконференциа аилатәара амш азҵаара алаҵаразы.
  
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилакқәа реилатәара иалахәын Аҳәынҭқарратә Хеилак – Адыгеиа Ареспублика Хасе, Калмыкиа Ареспублика Апарламент, Крым Ареспублика Аҳәынҭқарратә Хеилак, Краснодартәи акәакь Азакәанԥҵаратә Еизара, Севастополь ақалақь Азакәанԥҵаратә Еизара, Ингушетиа Ареспублика Жәлар Реизара, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Апарламент, Аҩада Уаԥстәыла Ареспублика Апраламент – Аланиа, Крым Ареспублика Аҳәынҭқарратә Хеилак Ставропольтәи Адума, Астрахантәи аобласт Адума, Волгоградтәи аобласттә Дума,    Ростовтәи аобласт Азакәанԥҵаратә Еизара ахаҭарнакцәа.