НОВОСТИ

Ихыркәшоуп  Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа аусура
24.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Ихыркәшоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа аусура

Иахьа ихыркәшахеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXVI Аконференциа аусура. Адистанциатә формат ала имҩаԥысит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәарақәеи Аконференциа апленартә еилатәареи. Уи мҩаԥигеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахантәаҩы, Севастополь ақалақь Ахакәанԥҵаратә Еизара Ахантәаҩы  Владимир Немцев.
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәара далахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа  аилазаара иалахәыз апарламентқәа рделегациақәа рнапхгаҩцәа XXXVI Аконференциа амш азҵаара апроект, ирыдыркылеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы анашьаразы азыӡба, иагьышьақәдыргылеит Адыгеиа Ареспублика анаҩстәи XXXVII Аконференциа мҩаԥгазарц.  ́

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәараан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахантәаҩы Владимир Немцеви АУАА Ахеилак алахәцәеи ихы рықәкны иҳәеит: «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥхьара ҿыц адепутатцәа рыхьӡала бзиала шәаабеит ҳәа расҳәоит АУАА XXXVI Аконференциа иалахәу зегьы. Ҳара акраҵанакуеит ҳаимадарақәеи аусеицура атрадициақәеи рыцҵареи рырҿиареи, агәрагьы згоит ари аусеицура конструктивла ишацҵахо.

Агәра шәсыргар сҭахуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аԥхьаҟатәи аусура гәацԥыҳәарала рыҽшаладырхәло. Ишәзеиӷьасшьоит зегьы лыҵшәабзиала аусура».
  Владимир Немцев аҭак ҟаҵо, Лаша Ашәба иҭабуп ҳәа еиҳәеит иколлегацәа рыхьӡала, изеиӷьеишьеит қәҿиарала аусура. «Ҳара есқьынгьы ҳԥышәа шәыцеиҩаҳшаларц ҳҭахуп», - иаҵшьны иҳәеит В. Немцев.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи уи ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиани Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа  XXXVI Аконференциа апленартә еилатәара иалахәын. Апленартә еилатәраан адепутатцәа 60 инареиҳаны закәанԥҵаратә аԥшьгарақәеи адҵааларақәеи ирыхәаԥшит.
Амш азҵаараҟны иқәгылаз азҵаарақәа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит. Азакәанопроектқәа жәпакы шьақәыргылан атәылауаа иҟарҵоаз адҵааларақәеи азинхархәаратә практикеи шьаҭас ирыҭаны, урҭ хәҭа-хәҭала ирыхәаԥшын АУАА аилакқәа реилатәарақәа раан.
  XXXVI Аконференциа ахыркәшамҭазы Севастополь ақалақь Азакәанԥҵаратә Еизара Ахантәаҩы  Владимир Немцев Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа  Ахантәаҩы инапынҵақәа Адыгеиа Ареспублика Аҳәынҭқарратә Хеилак-Хасе Ахантәаҩы  Владимир Нарожныҟ ииҭеит.
Изаамҭанытәиу Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аконференциа мҩаԥысуеит ҭагалан 2022 ш. Маиҟәаԥ ақ. аҟны.