Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба «АБАЗА-ТВ» аԥҵоижьҭеи 15 шықәса аҵра.инамаданы Адиректор хада Руслан Ҳашыг дидныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иԥа!
Ҳаҭыр зқәу ателерадиоеилахәыра «АБАЗА-ТВ» аусзуҩцәа!
Ишәыдаҳныҳәалоит ЗҲӘА «АБАЗА-ТВ» аԥҵоижьҭеи 15 шықәса аҵра.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит есқьынгьы оперативла, ииашаны аинформациа ҳадызгало, обиективла ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара аарԥшра зылшо аколлектив аусура.
Аҵак ду амоуп аԥсуа бызшәеи, акультуреи, жәлар рытрадициақәеи реиқәырхара иазку шәлагаламҭа. Шәара еидышәкылаз аматериалқәа рархив шьҭа ҭоурыхтә ҭынханы иҟалеит уҳәар ҟалоит.
Аусура ашықәсқәа рыҩныҵҟала шәара шәколлектив азанааҭтә ԥышәа ду аиуит. агәра ҳгоит уи абиԥара ҿыц рзы еиқәырханы ишаажәго, ицәырҵуа атехникатә лшарақәеи есааира зҽеиҭазкуа адунеи ахырхарҭа ҿыцқәеи урҭ ишрымажәдо.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәазыҳәара, аамҭа иақәҿызҭуа иҿыцу аидеиақәеи апроектқәеи қәҿиарала рынагӡара!"
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

Поделиться в соцсетях: