Аԥсны Жәлар Реизара - Ахада Лаша Ашәба «АБАЗА-ТВ» аԥҵоижьҭеи 15 шықәса аҵра.инамаданы Адиректор хада Руслан Ҳашыги аколлективи дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иԥа!
Ҳаҭыр зқәу ателерадиоеилахәыра «АБАЗА-ТВ» аусзуҩцәа!
Ишәыдаҳныҳәалоит ЗҲӘА «АБАЗА-ТВ» аԥҵоижьҭеи 15 шықәса аҵра.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит есқьынгьы оперативла, ииашаны аинформациа ҳадызгало, обиективла ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара аарԥшра зылшо аколлектив аусура.
Аҵак ду амоуп аԥсуа бызшәеи, акультуреи, жәлар рытрадициақәеи реиқәырхара иазку шәлагаламҭа. Шәара еидышәкылаз аматериалқәа рархив шьҭа ҭоурыхтә ҭынханы иҟалеит уҳәар ҟалоит.
Аусура ашықәсқәа рыҩныҵҟала шәара шәколлектив азанааҭтә ԥышәа ду аиуит. агәра ҳгоит уи абиԥара ҿыц рзы еиқәырханы ишаажәго, ицәырҵуа атехникатә лшарақәеи есааира зҽеиҭазкуа адунеи ахырхарҭа ҿыцқәеи урҭ ишрымажәдо.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәазыҳәара, аамҭа иақәҿызҭуа иҿыцу аидеиақәеи апроектқәеи қәҿиарала рынагӡара!"
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

26.06.2022
Поделиться в соцсетях: