НОВОСТИ

                      Имҩаԥысит  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәим аилатәара
27.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәим аилатәара

Иахьа имҩаԥысит  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәим аилатәара. Аилатәараҟны ирыдыркылеит «Анефтаалыҵқәа рыхәԥсақәа рҳәаақәҵара аусхк аҟны ихырҳагоу аҳәынҭқарратә политика алыршара иазку ауснагӡатәқәа рзы».

Ақәҵара атекст:

«1. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара иабжьгазааит хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакырахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәынтәалара алыршаразы анефтаалыҵқәа рыхәԥсақәа рҳәаақәҵара аусхк аҟны ихырҳагоу аҳәынҭқарратә политика алыршаразыҩ
2. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара иабжьгазааит Анефтаалыҵқәа рыхәԥсақәа рҳәаақәҵара аусхк аҟны ихырҳагоу аҳәынҭқарратә политика алыршара иазку ауснагӡатәқәа рзы «Анефтаалыҵқәа рыхқәак рзы еизакуи аӡаҵәҭиреи рыхәԥсақәа  рхархәара аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи аҳәаатә хәаахәҭратә цҵақәа рышьақәыргылареи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәса хәажәкырамза 1 аҟн. № 18 Ақәҵара аԥыхзааит ҳәа аҳәаақәҵара аметод хырҳага зламам ала, иара убас иазырхиазааит Ақәҵара ҿыц Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак азгәаҭақәа ҳасаб рзуны, иагьаагазааит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ашҟа абри Ақәҵара амч анаиу инаркны ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала.  
3. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵараҟны иарбоу абжьгарақәа анынамыгӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахы иаднаҵоит ари ақәҿыҭра Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны.  
4. Ишьҭызааит абри Ақәҵара официалла амассатә информациа ахархәагақәа рахь акьыԥхьразы.
5. Абри Ақәҵара  амч аиуеит иара анрыдыркыла инаркны ».