Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Резо Занҭариа хантәаҩра ззиуаз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Адепутатцәа ахәаҧшит «Ашәахтәқәҵара иҷыдоу асистемақәа рыхәҭаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект. Азакәанапрорект иазҧхьагәанаҭоит аамҭала анхаразы аҧсшьаҩцәа амаҵзурақәа рыдгалара знапы алаку анаплакҩцәа рзы ашәахтә еидареи ашәахтәқәа рзыҧҵәақәа рыларҟәреи рыҧсахра.
Аилатәара иалахәыз Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра азинтә усбарҭа аиҳабы Баҭал Царгәыш игәаанагарала, ҳазҭагылоу аамҭазы ари аусхк аҟны ашәахтәқәа рзыҧҵәа аларҟәра аҧсаӡам.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, Аилак азыӡба аднакылеит абри азакәанапроект аус адулара аанкыларазы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь инагазарц.
Аилак алахәцәа ргәаанагарақәа еиқәшәеит ари азҵаара ҭагалан азыхынҳәразы – акурорттә аамҭа ахыркәшареи уи аихшьалақәа анализ рзуреи рышьҭахь.
Аилатәараан адепутатцәа статиацыҧхьаӡа иахәаҧшит 2011 шықәса жәабранмза раахыс аус зуаз «Ахәҧсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Уи ишьақәнаргылоит: Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҳәынҭқарратә хәыҧсақәа рҳәаақәҵара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа; иҳәаақәҵахо ахәҧсақәа хархәара ахьрыҭахо аусхк; ахәҧсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵареи иҳәаақәҵахо ахәҧсақәа рхархәара аҧҟара аконтроли мҩаҧызго аусбарҭақәа рзинмчқәеи; ахәҧсашьақәыргылара аусхк аҟны аҧшәымара зуа асубиектқәа рзинқәа, рхыдҵақәа, рҭакҧхықәра. Аҧхьаҟа адепутатцәа иазҧхьагәарҭеит ари аусхк аҟны азакәанҧҵара аиҕьтәра.
Иара убас аилак алахәцәа «Ахәҧсақәа (атарифқәа) рышьақәыргылара аҧҟара, афымцамч аусхк аҟны ахархәара аҧҟарақәа, анормативқәеи асоциалтә нормақәеи рзы» Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара аҭҵаара напы адыркит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

29.06.2022
Поделиться в соцсетях: