НОВОСТИ

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аҧхьаҟатәи аусуразы аплан шьақәнаргылоит
29.06.2022
Поделиться в соцсетях:

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аҧхьаҟатәи аусуразы аплан шьақәнаргылоит

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысит Ҭемыр Шергелиа имҩаҧигаз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара.
Аилатәара иалахәын Аилак алахәцәа: Фазлыбеи Аҩӡба, Беслан Емырхәба, Асҭамыр Герхьелиа.

Амш азҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаҧшын «Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаазы “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаразы» азакәанапроект. Адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ари актәи аҧхьараан адкыларазы.ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәарахь ацәыргара иара убас ирыхәаҧшын Аилак аусура аплан ашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа.