НОВОСТИ

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент IV ааԥхьара адепутат Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба
04.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент IV ааԥхьара адепутат Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент IV ааԥхьара адепутат Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәалсра дула срыдышшылоит Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба иуацәеи иҭынхацәеи ироуз ацәыӡ ду ианамаданы.  2022 шықәса ԥхынгәымза 3 рзы 71 шықәса ирҭагылаз иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара далҵит ҳҩыза, ҳколлега Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба – Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент IV ааԥхьара адепутат (2007–2012 шш.), Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Апарламент аилак иахагылаз.  
Заура Адлеиба ҳара ҳгәалашәараҟны дыҟазаауеит апатриот иаша, 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәҩы иаҳасабала. Иааирԥшыз афырхаҵареи аибашьраҟны илшамҭақәеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа - Леон иорден ианашьан. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы атәылахьчара арӷәӷәараҟны уи иџьабаа дууп.
Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба апарламенттә усура активла далахәын, Кавказ ажәларқәа риашьаратә еимадара арӷәӷәаразы зылшамҭақәа маҷым аҭакзыԥхықәыз политикын. Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шьаҭа аиӷьтәраҟны илагаламҭа ду азы ианашьан Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳаҭыртә шәҟәы.
Заур Қыбеи-иԥа ҩыза бзиан, есқьынгьы ҳаҭыр иқәырҵон иуаҩреи иламыси рзы.  
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата анаԥҵаз аахыс аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа уа аудитор иаҳасабала аус иуан, икандидатура Апарламент аҟны еицҿакны ирыдыркылахьан.   Заур Адлеиба иҭаацәа ацәыӡ ду роуит. Уи игәалашәара лаша ахааназы иаанхоит изааигәоу, иҩызцәа, ицеибашьуаз, дыздыруаз зегьы рыгәқәа рыҟны».