Иахьа имҩаԥысит Резо Занҭариа хантәаҩра ззиуаз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара.
Апарламенттә Еилакы алахәцәа «Ахәԥсақәа (атарифқәа) рышьақәыргылареи рхархәареи рыԥҟарақәа, Афымцамч аусхк аҟны анормативқәеи асоциалтә нормақәеи рхархәара аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәаразы» Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара иадҳәалоу аусура иацырҵеит.
Иара убас Аилак алахәцәа напы адыркит 2008 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 раахыс аус зуа «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рганахьала адҵааларақәа рыхәаԥшра аԥҟаразы» азакәан аҭҵаара.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

04.07.2022
Поделиться в соцсетях: