Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны имҩаԥысит Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҩада-Уаԥстәыла – Аланиа аҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоеви реиԥылара.
Аиԥылараҟны иара убас иалахәын Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Аҩадатәи Кавказ хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа рымадара азҵаарақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал, аспорт азҵаарақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.
Аиԥылара аартуа, Лаша Ашәба иҳәеит: «Ҳара ҷыдала ҳаҭырла ҳарзыҟоуп хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, Аԥсны шәбара ҳара ҳзы гәахәароуп. Иаҳдыруеит ҳаиҳабацәеи шәареи аиҩызара бзиа шшәыбжьоу. Агәра згоит аимадара атрадициақәа ҳара аҿар ҳҟынгьы еиқәханы ишыҟоу».
Апарламент Аиҳабы иаҵшьны иҳәеит сынтәа Аԥсны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла 30 шықәса ахыҵра шазгәарҭо.
«Ҳара ҷыдала ҳреигәырӷьоит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ара ианаҳбо», - иазгәеиҭеит иара.
Апарламент Аиҳабы ихы иқәкны Игор Кокоев иҳәеит: «Ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит Аԥсны имҩаԥысуа зегьы, агәра ганы ҳаҟоуп аиҳабацәа иаԥырҵаз атрадициа бзиақәа аҿаргьы еиқәырханы ишнаргало, ишықәныҟәало».
Аҩада-Уаԥстәыла – Аланиа аҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоев иаҵшьны иҳәеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа есқьынгьы рашьцәа аԥсуаа рыдгылара ишазхиоу.
Ари аиԥылараҿы ирылацәажәеит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ргәалашәара иазку аусеицура азҵаарақәа
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

04.07.2022
Поделиться в соцсетях: