НОВОСТИ

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аҟны иалацәажәеит ААР аусура иадҳәалоу азҵаарақәа
04.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аҟны иалацәажәеит ААР аусура иадҳәалоу азҵаарақәа

Иахьа имҩаԥысит Дауҭ Хәытаба хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара.
Адепутатцәа иҟарҵаз ааԥхьарала аилатәара далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.
Адепутатцәа ахәаԥшит «Еиҿкаау ацәгьоура аҿагылара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ари азакәанапроект азы игәаанагара иҳәеит.
Аилатәара алахәцәа алацәажәеит амҩақәа рыҟны лассы-лассы маӡала апатрульура амҩаԥгара азин азы атәылауаа рыҟнытә иҟоу ашшрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла аминистр маӡала апатрульура амҩаԥгара аанкылара дақәшаҳаҭхеит асертификат змоу атехникатә хархәагақәа роуаанӡа.
Иара убас ирыхәаԥшын «Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи 27 шықәса рхыҵра – 2020 шықәса цәыббрамза 30 азгәаҭара инамаданы амнистиа рылаҳәаразы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара ахархәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акомиссиа аусура иадҳәалоу азҵаарақәа.
Аилатәараан Вальтер Быҭәба адепутатцәа инарҭбааны адырра риҭеит напхгара ззиуа аусбарҭа аусуреи аколлектив аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәеи рзы.