ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

06.07.2022
Поделиться в соцсетях:
Апарламент аҟны Ашьаустәи Ашьаус-процессуалтәи закәанеидкыла аҧсахрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа рыхәаҧшра нап адыркит
Аҧсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаҧысит Дауҭ Хәытаба хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада аусеилыргаратә усбарҭа аиҳабы Тамила Бигәаа.
Амш азҵаараҟны иқәгылан Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаус-процессуалтә закәанҧҵара анормақәа реиҕьтәреи ашьаус-процессуалтә закәанҧҵара анормақәа еффективла рхархәареи хықәкыс иҟаҵаны иазырхиаз «Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Ари азакәанапроект адепутатцәа инарҭбааны ирыдылгалеит Тамила Бигәаа. Адепутатцәа ирыдҵоуп ауаа рыҭира иадҳәалоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла астатиақәа аҧсахрақәа ралагалара; аинформациа-телекоммуникациатә каҭақәа рыла, «Интернет» акаҭа налаҵаны, иаартны ацәахыхра, амаҵурауаа ҳәа иҧхьаӡоу ахаҿқәа реиқәыҧхьаӡа арҭбаарала.
Азакәан апроект ала ирыдгалоуп Азакәанеидкылаҟны хархәара змоу аилкаара хадақәа рҵакы аазырҧшуа Ашьаус-процессуалтә закәанеидкыла ахәҭаҷ 5 аҧсахрақәа ралагалара. Ҷыдала, ирыдгалоуп аилкаарақәа «аҳәынҭқарратә харадҵаҩ», «анхарҭаҭыҧ», «ирыхьчо ахаҿы» рҵакқәа рырҭбаара. Адепутатцәа ирыдгалоу азакәанапроект иазҧхьагәанаҭоит ашьаустә усеилыргараан аполиграф ахархәара, иара убас «аҩны аҩнакра» реиҧш иҟоу аус аҧырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа ирыдҳәалоу аҧсахрақәа ралагалара.
Акыраамҭатәи аимак-аиҿак, аилацәажәара ашьҭахь Аилак аилатәара иалахәыз еицҿакны ирыӡбеит Апарламент иабжьыргарц изаамҭанытәиу асессиа аилатәараҟны ари азакәанапроект актәи аҧхьараан адкылара.
Ақәшаҳаҭхара аныҟала, хәҭа-хәҭала аус адулара мҩаҧгахоит.